ЕАШ Ҟрыми Калинингради иахьрыҵаркуа аԥшыхәра мҩаԥыргеит

ЕАШ арра-ҳаиртә мчқәа рҳаирплан Амшынеиқәа иаԥну аҵакыреи Калининградтәи аобласт аҳәаа иахьаҵанакуеи аԥшыхәра хаԥырра мҩаԥнагеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik. Астратегиатә ԥшыхәратә ҳаирплан Boeing RC-135V Амшын Еиқәа иаԥну аҵакыреи Калининградтәи аобласт аҳәаа иахьаҵанакуеи аԥшыхәра хаԥырра мҩаԥнагеит ҳәа аанацҳауеит амониторингтә ресурс PlaneRadar Твиттер аҿы.

Апортал адыррақәа рыла аҳаирплан Бырзентәыла ишьҭыԥрааит асааҭ 7:50 рзы. Сааҭқәак рышьҭахь Амшын Еиқәа ԥшаҳәа аҭҵаараз иахаԥыруан. Асааҭ аказы Boeing RC-135V аҭыԥ ахь ихынҳәти.

Аамҭақәак цахьаны, иара убри аҽны Калинингради Беларуссиеи рҳәаагьы аԥшыхәра мҩаԥган ҳәа аанацҳауеит апортал.

Абҵарамзазы урыстәылатәи аруаа америкатәи аҳаирплан-ԥшыхәыҩ Амшын Еиқәа аҳауатә ҵакыраҿ игәарҭеит.

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа ааигәара аҳаирплан-ԥшыхәҩқәа изныкымкәа ирбахьеит. Атәылахьчара аминистрра акәзар изныкымкәа Вашингтон ахь ааԥхьара ҟанаҵахьеит Пентагон асеиԥш иҟоу аусқәа аҽрыцәхьанакларц азы.