Лавров Ҭырқәтәыла Шьамтәыла имҩаԥнаго аоперациазы: акзаара ашьақәыргылароуп

Уаанӡа Ҭырқәтәыла ахада Таип Ердоган аҳәамҭа ҟаиҵахьан Анкара Евфрати Манбидже рҟны акурдтә еиҿкаарақәа ирҿагыланы аоперациа амҩаԥгара иазыхиоуп ҳәа, ЕАШ урҭ уахьынтәи иалрымгар.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Ҭырқәтәыла иазнархио аоперациа ахҳәаа аҭо иҳәеит иахықәку атеррористцәа рықәгароуп ҳәа.

ЕАШ атәылахьчара аминистр адҵа ҟаиҵеит америкатәи ар Шьамтәыла алгаразы

"Ҳара ҳпозициа Шьамтәыла аҵакыра атеррористцәа рҟынтәи ахақәиҭтәроуп, аҵакырадгьыл акзаара ашьақәыргылароуп, асуверинитет архынҳәроуп. Абри инадҳәаланы Анкара апланқәагьы ҳрыдгылаҩцәоуп", - ҳәа иҳәеит Сергеи Лавров Иорданиа адәныҟатәи аминистр Аиман Сафади иареи реиԥылара аихшьаалақәа ирызкыз апресс-конференциаҿ.

Уаанӡа Ердогани Дональд Трампи ҭелла реицәажәара ашьҭахь аоперациа аҿҳәара шахигоз иҳәахьан, Трамп ЕАШ ар Шьамтәыла иалигарц аӡбамҭа анидикыла ашьҭахь.

Дональд Трамп ԥхынҷкәынмза аҽеиҩшамҭаз аҳәамҭа ҟаиҵеит Шьамтәыла агәыԥ "Исламское государство"*нырҵәоуп, ЕАШ ар уа рыҟазаарагьы абри акәын иззырхаз, уажәшьҭа ар ралгара аҵаҵӷәы амоуп ҳәа.

Убри аан Аҩны шкәакәа апресс-маӡаныҟәгаҩ Сара Сандерс илҳәеит ар ралгара ишаанамго акоалициа аихыбгалара.