Арадио

Гындиа: абылрақәа еиҳарак изыхҟьо афымца цәаҳәақәа ироуа ақәыӷәӷәароуп

Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа радио Sputnik аҟны далацәажәеит сынтәатәи ашықәс азы абылрақәа рганахьла аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Sputnik
Гындиа: абылрақәа еиҳарак изыхҟьо афымца цәаҳәақәа ироуа ақәыӷәӷәароуп

"Аӡын ахьшәашәарақәа шыҟалак абылрақәа рацәахоит. Урҭ еиҳарак афымца цәаҳәақәа ақәыӷәӷәара ахьроуа ауп изыхҟьо. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аӡын аамҭазы аҩнқәеи, аофисқәеи рҟны афымцатә маругақәа хылаԥшрада иаанырмыжьларц", - иҳәеит Гындиа.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ ҵыԥхи сынтәеи иҟаз абылрақәа еиҿырԥшны иҳәеит ҳазҭоу ашықәс азы урҭ рхыԥхьаӡара иаҳа ишеиҵоу, иара убас ԥсҭбара ҟамлеит ҳәа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.