Арадио

Шапковски: Аԥсны атуризм аганахьала аӡыргара аҳәынҭқарратә дгылара аҭахуп

Атуристтә фирма "Дильберт-тур" ахада Ҭемыр Шапковски адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны далацәажәеит Аԥсны аӡын ԥсшьара иаауа ирзеиҿыркаауа аныҟәарақәа.
Sputnik
Шапковски: Аԥсны атуризм аганахьала аӡыргара аҳәынҭқарратә дгылара аҭахуп

"Ҳара аӡынгьы аус ҳуеит ауаа аныҟоу, аха уи аамҭа қьаҿуп, аныҳәақәа раан ауп. Аԥсшьаҩцәа аныҟәарақәа рзеиҿаҳкаауеит амашьына –Уаз ала Риҵаҟа, асы шьҭазаргьы иаҳԥырхагаӡам, убас иаҳгоит Афон, Кындыӷ аӡырԥхахьы. Ажщакала, иҳамоуп аӡын атуристцәа ахьаҳгаша. Рыцҳарас иҟоу анҭыҵынтә иаауа ҽеишәа ирыздырӡом Аԥсны аҭагылазаашьа зеиԥшроу, аибашьра ҳалагылоу џьызшьогьы ыҟоуп, ақырҭцәагьы уи аганхьала аус руеит. Иаҭахыуп аӡыргара, уи аҳәынҭқарра иаполитикахароуп", -ҳәа азгәеиҭеит Шапковски.