Арратә ӷба ду "Североморск" Амшынеиқәа акваториахь иҭалеит

Цәыббрамза инаркны ԥхынҷкәынмза абжаранӡа "Североморск" Индиатәи аокеани, Адентәи аӡыбжьаларҭеи, Аравиатәи амшыни, Амшын ҟаԥшьи ракваториақәа ирҭан.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Аҩадатәи арратә ӷба ду "Североморск" Амшынеиқәа акваториахь иҭалеит. Иара ажьырныҳәа 7 рҟынӡа Адгьылбжьаратә мшын иахьаҵанакуаз анапынҵақәа нанагӡон ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Аҩадатәи афлот апресс-маҵзура аиҳабы, 1 аранг акаԥдан Вадим Серга.

"Аҩадатәи арратә ӷба ду "Североморск" Басфор иҭысны Амшынеиқәа акваториахь иҭалеит. Аԥшьаша, ажьырныҳәа 10 рзы иара неиуеит Амшынеиқәаәт флот абаза хада–Севастополь ахь", - иҳәеит иара.

Уаанӡа "Североморск" апиратцәа ирҿагыланы аграждантә ӷбаныҟәара ашәарҭадара еиҿнакаауан. Аҵыхәтәантәи аамҭазы, цәыббрамза инаркны ԥхынҷкәынмза абжаранӡа "Североморск" Индиатәи аокеани, Адентәи аӡыбжьаларҭеи, Аравиатәи амшыни, Амшын ҟаԥшьи ракваториақәа ирҭан.

"Североморск" аекипаж иара убасгьы Алжир, Викториа, Пемба, Анциранана, Джибути, Карачи, Лимасол рҟны арра-дипломатиатә уснагӡатәқәа мҩаԥнагон.

Уи адагьы иара алахәын апиратцәа ирҿагыланы имҩаԥгаз урыстәыла-пакистантәи жәларбжьаратәи азыҟаҵарақәа "Аравийский муссон-2018".

"Североморск" 30 000 мшынтә мильирхысны аҭыԥ ахь инеиуеит.