Урыстәыла ААР Афганисҭан ар ралагаларазы: иҟамло усуп

Уаанӡатәи адыррақәа рыла ЕАА иагәҭакуп Афганисҭан ар рыҟазаара ҩынтәны иаркьаҿырц, иара убри аан анапынҵа ҷыда змоу арратә гәыԥ аанхоит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Риабков аҳәамҭа ҟаиҵеит Москва "Афганисҭанҟа урыстәылатәи ар ралагалара ҟалашьа змам акәны иахәаԥшуеит" ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҳара иарбанызаалак ҵаҵӷәык аманы иаабом ар Афганисҭан ралагалара. Афганисҭан аиҳабыреи ҳареи аусеицура ҳабжьоуп. Уи еиҳа-еиҳа иацлоит, иҿиоит", - ҳәа иҳәеит Риабков ажурналистцәа дрыҿцәажәо.

Афганисҭан аиҳабыра мчрақәеи арадикалтә ҵысра "Талибан" аибашьцәеи рыбжьара аибарххарақәа ыҟоуп. "Талибан" атәыла аҵакыра аиҳарак анапаҿы иҟоуп.

Иара убасгьы иахьатәи аамҭазы Афганисҭан аҽарӷәӷәеит атеррористтә гәыԥ "Исламское государство"*.