Арадио

Нанба еиҭеиҳәеит Аԥсны аҭаацәара аԥызҵо ҳџьынџьуаа ирзырхо ацхыраара атәы

Аԥсны аҭаацәара аԥызҵо ҳџьынџьуаа ирзырхо ацхыраара атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аминистрра асоциалтә-бзазаратә ҟәша аиҳабы Алиас Нанба.
Sputnik
Нанба еиҭеиҳәеит Аԥсны аҭаацәара аԥызҵо ҳџьынџьуаа ирзырхо ацхыраара атәы

"Арепатриациазы аминистрра абиуџьет аҿы иарбоуп, есышықәса ус иҟоуп, анаҩсгьы иацаҳҵоит, аҭаацәара иалало аҿар 50 000 мааҭ зныктәи ацхыраара ҳәа ироуларц. Уи азы иаҭахуп АҬАр аҟынтә аршаҳаҭга. Араҟа иазгәаҭатәуп, аҭаацәара аԥшәма ҳџьынџьуаҩ иакәзар шахәҭоу. Аҭаацәараҿы раԥхьатәи ахәыҷы даниуа 30 000 мааҭ роуеит, аҩбатәи – 40 000 мааҭ, ахԥатәи 50 000 мааҭ. Арҭ аԥарақәа абанк аҿы ауаҩы ихьӡала иҟоу аҳасаб аҿы иҭагалазаауеит, анаҩс ианиҭаххо аамҭазы инапаҟны иҟалоит. Шықәсык иалагӡаны 40-ҩык аҭаацәара ирыҭан ацхыраара", - ҳәа азгәеиҭеит Нанба. 

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.