Арадио

Аҩӡба далацәажәеит аԥсуа культураҿы адинқәа ирыдҳәалоу аныҳәақәа реиҿыбаашьа

Аԥсуа культураҿы еиуеиԥшым адинқәа ирыдҳәалоу аныҳәақәа реиҿыбаашьа азҵаара далацәажәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны аетнолог Виктор Аҩӡба.
Sputnik
Аҩӡба далацәажәеит аԥсуа культураҿы адинқәа ирыдҳәалоу аныҳәақәа реиҿыбаашьа

"Аԥсны адгьылҵакыра иуникалтәуп ҳәа азыуҳәар ҟалоит адинхаҵара аганахьала. Адунеи аҿы имаҷым атәылақәа жәларык, етноск иатәу еиуеиԥшым адинхаҵара ахьныҟәарго азы еиҿагыланы ианеибашьуа. Ҳара ҳҟны еинааланы, еишьашәаланы иҟоуп. Ас еиԥш акультура аҿиара ҭоурыхла ишьақәгылаз ауп ҳәа сгәы иаанагоит. Аԥсны жәытә аахыс еиуеиԥшым ацивилизациақәа реихысырҭа акәны иҟан. Иара убасгьы аԥсуа жәлар еиуеиԥшым адинқәа анрыдыркылоз дара амарҭаҭра аҟынтәи иааргоз рдунеихәаԥшышьа иашьашәалоз, ибзиаз ауп ирыдыркылоз", - иҳәеит Аҩӡба.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.