Аилахәыра SpaceX жәа-процентк рҟынӡа аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара аркьаҿуеит

Америкатәи аилахәыра, акосмостә техника ҭзыжьуа SpaceX жәа-процентк рҟынӡа аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара аркьаҿра агәҭакуп.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. 600-ҩык рҟынӡа рхы иақәиҭыртәыр рҭахуп аилахәыра SpaceX аҟны ҳәа РИА Новости иаанацҳауеит Los Angeles Times адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Зусура аанзыжьуа аперсонал аамзтәи рулафахәы ахышәа-ҵышәа рзыршәоит гәазыҟаҵарак аҳасаб ала. Уи адагьы аилахәыра дара ацхыраара рнаҭоит аусурҭа аԥшаараҿы.

Аилахәыра SpaceX, анџьныр Илон Маск дызхагыло, шьаҭаркын 2002 шықәса рзы. Аҵыхәтәантәи ахышықәса рыҩныҵҟа аилахәыра аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара ф-нызқьҩык рҟынӡа ихалеит.

Аилахәыра аҭыжьымҭақәа ирылукаауеит аракета Falcon 9.