Париж агәҭа аԥжәара ҟалеит

Париж ажәбатәи аокруг Тревиз амҩаду аҿы ажьырныҳәа 12 рзы аԥжәара ҟалеит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Париж ажәбатәи аокруг Тревиз амҩаду аҿы ажьырныҳәа 12 рзы аԥжәара ҟалеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Франция.

Ахҭыс амзыз аҭҵаара иаҿуп. BFM TV адыррақәа рыла аԥжәара иахыҵхырҭоу ачаӡырҭаҿы агазтә балон аԥжәароуп. Иҟоуп ихәу ауаа, иҟоуп аилабгарақәа ирыҵрымгац. Ааигәа-сигәатәи аҩнқәа руааԥсыра рҭыԥ иахыгоуп.

Аҭыԥ ахь инеиит аиқәырхаратә маҵзурақәа русзуҩцәа.