Саманба еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи аалыҵ асертификациала аиқәыршәара зхымԥадатәиу
© Sputnik
"Иахьа Аԥсныҟа иаауа атуристцәа рацәоуп, ҳуааԥсыра урҭ ирзыԥшуп ԥарак дырҳарцаз. Ҳаргьы иаҳҭахуп аԥсшьаҩы идыргало аалыҵ ахаҭабзиара бзиазарц. Иахьа дарбанзаалакгьы имоуп алшара асоциалтә даҟьақәа рҿы иҭагаланы дахьыҟаз иибаз иифаз атәы аҳәара, уи иаразнак ажәлар ирылаҵәоит, уи анырра ӷәӷәа ҟанаҵоит. Асертификациа иаҳнаҭоит алшара зхаҭабзиара ҽеим аалыҵ аҭиирҭатә ҭыԥ ахь анагара аԥырҟәҟәаара. Еиҳарак аҩқәа, ацха, аџьыка даара хшыҩзышьҭра раҳҭоит", - ҳәа азгәеиҭеит Саманба.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.