Аҩӡԥҳа-Рудат: Берлин сынхоит, аха сыбжара Аԥсны иҟоуп
© Sputnik
"Сара ара сынхоит, аха сыбжара Аԥсны иҟоуп. Сара сыԥсадгьыл схашҭӡом. Есымша Аԥсны ҳәа аҳәара баҟәыҵ ҳәа сазҳәозгьы ыҟан ара. Аха сара схы сзыԥсахӡом, сшаԥсыуаз саанхоит. Ааигәа сыҟан уа, сгәы сзырхьызгьы збеит, аҿиара иаҳа иҟазар сҭахын, рԥеиԥш еиӷьзар сҭахын. Ҳара ҳхала, аӡәы ҳаиҿымԥшкәа, зегьы иҳалшо ҳзыҟаҵар бзиан. Ҳаԥсуара, ҳауаҩра ҳхамышҭкәа. Ҳхала иҟаҳҵо ауп иаанхо, ауаа иҳарҭо ҳара иаҳтәӡам. Убри аҟнытә аԥсуаа рхала аус руроуп", - ҳәа азгәалҭеит Аҩӡԥҳа-Рудат.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.