Арадио

Инар Гыцба ҳтәыла анҭыҵ аӡрыжәтә аҭиразы иҟоу алшарақәа ирызкны

Аԥсны иамоу аԥсабаратә мазарақәа ируаку- аӡы, Урыстәылаҟа иганы аҭиразы иҟоу алшарақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит ҳтәыла аекономика аминистрраҟны иҟоу аҳәынҭқарратә аинвестициатә агентра ахада Инар Гыцба.
Sputnik
Инар Гыцба ҳтәыла анҭыҵ аӡрыжәтә аҭиразы иҟоу алшарақәа ирызкны

"Аԥсны ацҳаражәҳәаҩыс Ҭырқәтәыла аус анызуаз исоуз аԥышәеи аимадареи уажәыгь схы иасырхәоит. Уи аҿырԥшгьы аазгар сылшоит, аимадарақәа ирыбзоураны сцеит Ҭырқәтәыла, ҳтәылаҿы аӡы зҭаҭәахо аԥаҭлыка Аԥсны аҟаҵаразы алшара ҳаурц. Исымаз аиԥыларақәа ирылҵшәаны ари азҵаара аӡбарахьы ҳнеиуеит. Агәыӷра сымоуп сынтәа ас еиԥш иҟоуп анаплакы аартра алыршахап ҳәа", - ҳәа азгәеиҭеит Гыцба.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.