Нанба еиҭеиҳәеит ҳџьынџьуаа ироуа амедицинатә цхыраара атәы
© Sputnik
"Аԥҳәызба ахшараиура даназыԥшу амедицинатә цхыраара анылҭаху аамҭазы ҷыдала абызшәа здыруа ауаҩы длыцаҳҵоит. Ахәшәқәа лҭахума мамзарагьы даҽа цхыраарак акәзаргьы, илоуртә еиԥш иҟаҳҵоит. Аҩны аԥшәма мызкы ҩымз усурҭа ҭыԥда данаанхалакгьы, аԥара данеиҵанархо аан ацхыраара раҳҭоит. Иҟалоит 10-15 нызқь рҟынӡа анраҳҭогьы. Аԥсны анҭыҵ ицаны аҽыхәшәтәра анрықәшәалогьы ҟалалоит, убри аамҭазы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрреи ҳареи иҳамоу аимадара иабзоураны ҳтәыла анҭыҵ иҳашьҭуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Нанба.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.