Абзазараз Урыстәыла иреиӷьу қалақьуп ҳәа иалыркааит Нижни Новгород

Аҭҵааратә сервис Numbeo ареитинг ахь иаҵанакит урыстәылатәи ақалақьқәа хәба.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 15 — Sputnik. Нижни Новгород абзазараз Урыстәыла иреиӷьу қалақьуп ҳәа иалыркааит. Аҭҵааратә сервис Numbeo ареитинг аҿы адунеи ақалақьқәа 226 рҟынтәи иара 109-тәи аҭыԥ ннакылеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Numbeo аверсиала иреиӷьу ақалақьқәа ҳәа иалкаауп Канберра, Еиндховен, америкатәи ақалақьқәа Роли, Аделаида, иара убасгьы Циурих. Зегь раасҭа еицәоу ҳәа рыхьӡ рҳәеит: Манила, Пекин, Бангладеш аҳҭнықалақь Дакка, нигериатәи Лагоси Каракаси.

Ақалақьқәеи атәылақәеи рзы аинформациа еизызго асервис Numbeo аиндексқәа ааба рыла ареитинг шьақәгылоуп: ауааԥсыра раахәаралшарақәа, ашәарҭадара, агәабзиарахьчара, аԥсҭазаара ахәԥса, атранспорттә ҭагылазаашьа, ауааԥсыра рхашәалахәы, аԥсабара аҭагылазаашьа.