Арадио

Саӡба: Анцәа амч сиҭар, Сҭампыл аԥсуа ԥацха аасыртуеит

Сҭампыл ақалақь аҿы аԥсуа чыс ахьыҟарҵо ақьафурҭа "Сылашара" аԥшәма Ҳалуқ Саӡба арадио Sputnik аҟны иҳәеит аԥацха аартра гәҭакыс ишимоу.
Sputnik

"Сҭампыл ақалақь аҟны аԥсуа ԥацха аартра гәҭакыс исымоуп. Анцәа амч сиҭар, уи ҟасҵоит. Исҭахуп уаантәи (Аԥснынтәи-аред.) ҭаацәак ааганы, иара убас араатәигьы ҭаацәак ахагыларц. Ус еиԥш исзыҟаҵар, ара Ҭырқәтәыла иҟам акы акәхон. Уи сашьҭоуп, шықәсык аҟара аамҭа сҭаххоит, иалҵырц Анцәа сиҳәоит. Ибзианы, иҭбааны аԥсуаа рҭыԥ, Аԥсны аҭыԥ ус гәҭакыс исымоуп. Араҟа иҟоу аиҳабацәагьы ирҭахуп асасцәа ахьнарго ус еиԥш аҭыԥ",- иҳәеит Саӡба.