Шәача илеиз асыԥса ахҟьа-ԥҟьақәа аԥыхуп

Роза-Хутор – кордон Пслух ахь амҩа иқәыз автомашьынақәа хԥа асыԥсалеира иахҟьаны аҩаша, ажьырныҳәа 15 рзы асы иаҵахеит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 16 - Sputnik. Роза-Хутор – кордон Пслух амҩахь илеиз асыԥсалеира ахҟьа-ԥҟьақәа аԥырхит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Быжь-метрак зыҭбаара наӡоз згылара метраки бжаки ыҟаз асыԥса автомашьынақәа хԥеи 14-ҩык ауааԥсыреи рымҩа акит. Ацхырааҩцәа ауаа рхы иақәиҭыртәит.

Иара убасгьы Новороссисктәи амҩаду аҿы, ахаша, ажьырныҳәа 16 рзы аҳәынҵәеиларшьшь илеиз аҵлақәа хԥа хнажәеит.

Уаанӡа, аҩаша, ажьырныҳәа 15 рзы Шәача ақалақь аҿы ирылаҳәан ацәқәырԥеисра ду амшын аҿы иҟалар шалшоз, аԥшаӷьы асыргьы шауаз азы.