Мрагылара хара аҳаирпланқәа ҩба еинҟьеит

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ишьақәнарӷәӷәеит аҳаирпланқәа Су-34 ҩба аҳауаҿы еинҟьеит ҳәа иҟоу аинформациа.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 18— Sputnik. Аҳаирпланқәа Су-34 ҩба аҳауаҿы еинҟьеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аинформациеи амассатә коммуникациақәеи рзы Адепартамент.

"Ажьырныҳәа 18 8:07 аплантә аҵара-ҽазыҟаҵаратә ԥырраан, амшынԥшаҳәа инацәхыкны 35 километра иҟаны, Иапониатәи амшын акваториаҿы аҳауаҟны аҳаирпланқәа Су-34 еинҟьеит", - ҳәа аҳәоит Адепартамент адырраҭараҿы.

Су-34 рыҩбагь рекепажқәа рыԥырра мҩаԥыргон џьаԥҳаныда.

"Аекипаж аҳаирпланқәа аанрыжьит. аҳаирплан Ан-12 авертолетқәа ҩба Ми-8 аԥрыҩцәа рыԥшааразы ауснагӡатә иаҿуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Иҟоу агәаанагарала аҳаирпланқәа Ҭаҭартәи аӡыбжьахала иалаҳаит, Хабаровсктәи атәылаҿацәи сахалини рыбжьара.

Су-34 – аекипаж шьақәгылоуп ҩыџьа аԥрыҩцәа рыла.