Арадио

Лазба: афымцалашара ахә ахьахырымшәаауа азы ҳаблала иҳарцәалоит

"Амшынеиқәафымцамч" афилиал "Афымцаҭиира" аиҳабы Инал Лазба арадио Sputnik аҟны иҳәеит ҳауаажәлар ишеилыркааша дара иршәо аԥарала шакәу афымцалашара аҭагылазаашьа арҽеиразы аусурақәа шымҩаԥырго ҳәа.
Sputnik

"Афыцалашара ҳаблала арцәара иашамзар ҟалап, аха қыҭақәак рҟны аӡәы-ҩыџьа рыда зынӡа алашара ахә ахьырымшәо ыҟоуп, убри аҟынтәи арцәара ада ари азҵаара даҽа ӡбашьак амам. Иҳаҩсыз ашықәс азгьы акымкәа-ҩбамкәа арцәарақәа мҩаԥаагеит, хәыҷык аҭагылазаашьа ахьарҽеиз ыҟоуп. Ииашаны сеилыркаар сҭахуп. Иаагозар Џьал ақыҭа, шықәсык ала 80 нызқь мааҭ ршәеит, инырхыз афымцалашара аҟынтәи жә-процентк ауп. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа анымҩаԥааго  игәаҳҭоит ақыҭа аԥара шаланагало. Иаҳҳәап, шықәсык хәышә нызқь раҟара ршәозар, миллионк ала аҳабла иагу ҟауҵар иудыруеит, ҩышықәса рыла аԥара ургежьуеит, ирыгу даҽак ыҟазар ирзыҟауҵоит. Ауаа еилыркаар ауп, дара иршәо ада шҳамам рҭагылазаашьа, рус арҽеиразы, убри аҟынтә изшәо иаҳа азҿлымҳара рыҭалахоит изымшәо раасҭа", - ҳәа азгәеиҭеит Лазба.