АҞӘА, ажьырныҳәа 21 – Sputnik. Египт аладатәи акалҭ иахьаҵанакуа иаадырԥшыз аԥсыжырҭақәа аҟазауаа Ажәытә ҳәынҭқарра аамҭахь, ҳера ҟалаанӡа XXIII-XXI ашәышықәсақәа ирыҵадыркуеит.
РИА Новости ишаанацҳауа ала, Бирмингем ақалақь ауниверситет археологцәа ажәытәӡатәи египеттәи ақалақь Асуан ааигәара иаадырԥшит Ажәытә ҳәынҭқарра ҳәа захьӡу аамҭа иаҵанакуа аԥсыжырҭақәа.
Зынӡа иаарԥшын еиуеиԥшым ахышәа-ҵышәа змоу аԥсыжырҭақәа фба.
Абаҟақәа рзы Египет Иреиҳаӡоу ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада Мустафа Вазири иажәақәа рыла, урҭ руак аҭаларҭа еиқәханы ишыҟазгьы иубаратәы иҟан акыр шәышықәса раԥхьа арҳәыҩцәа шаҭаахьаз.