Шәача ақалақьаҿ анхарҭаҩны амца акит

Шәача ақалақь, Одессатәи амҩаҿ ажьырныҳәа 22 рзы аҩны амца акит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 22 - Sputnik. Шәача ақалақь, Одессатәи амҩаҿ ажьырныҳәа 22 рзы аҩны амца акит, аамҭақәак рышьҭахь ауаа ахьынхоз абарак ахь ииасит амца. Абри атәы аанацҳауеит апортал Кубань 24.

Амцарцәаҩцәа адырра рырҭеит асааҭ 12:45 рзы, аҭыԥ ахь инеиит асааҭ 12:50. Амцарцәара иалахәын 6 цырак атехника, 16-ҩык амцарцәаҩцәа.

Еилаҳантоз алҩа ақалақь агәаҿы иубарҭан. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, аӡәгьы дҭамхеит, аӡәгьы ааха имоуит. Уажәазы амца ырцәоуп.