Арадио

Лашәриа Владимир Высоцки изы: инырра Москва шьаҿацыԥҳьаӡа иуԥылон

Ажьырныҳәа 25 рзы Владимир Высоцки ихыҵуазаарын 81 шықәса. Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы дигәалаиршәеит еицырдыруа асоветтә поет, атеатри акинои рактиор Владимир Высоцки.
Sputnik
Лашәриа Владимир Высоцки изы: инырра Москва шьаҿацыԥҳьаӡа иуԥылон

"Владимир Высоцки лабҿаба иконцертқәа, атеатр аҿы ихәмарра збахьан Москва. Избахьан "Гамлет" еицырдыруа имонолог, иара иеиԥш уи даҽаӡәы ицааины иҟамлаӡеит. Поетк иаҳасабала Высоцки иажәақәа ауаа иралаҵәан иҟан, иара инырра усҟан Москва шьаҿацыԥхьаӡа иуԥылон, иҿыԥшуаз рацәаҩын. Иара дахьықәгылоз аспектакльқәа рахь ауаа цәқәырԥала инеиуан, абилеҭгьы аиура цәгьан. Аха официалла иара дкьыԥхьны, поетк иаҳасабала дыҟамызт, жәеинраалазаҵәык ауп Асовет аамҭазы Высоцки иикьыԥхьыз. Ашьҭахь ауп иара иаҳа дыҭрыжьуа ианалага. Высоцки игәы иалан СССР Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла дахьаларымҵоз, иахьидымгылоз", - ҳәа азгәеиҭеит Лашәриа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.