Лондонтәи аукцион аҿы Енди Уорхол иҭыхымҭа, Ленин исахьа аҭираз иқәыргылан

Уорхол иусумҭақәа "Бетховен" (1987), "Бунтарь без причины" (1985) аукцион аҿы иҭиин.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. Америкатәи асахьаҭыхыҩ Енди Уорхол 1987 шықәса рзы иҭихыз Владимир Ленин ипатреҭқәа лондонтәи аукцион Phillips аҿы иҭиин 81 нызқь фунт стерлинги 60 нызқь фунт стерлинги ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аукционтә ҩны асаит адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Апатреҭқәа ҩба - "Красный Ленин", "Ленин" - аԥшьашаҽны аҭирақәа ирылархәын. Дара рыҩбагьы ҭыхын асахьаҭыхыҩ иԥсҭазаара далҵаанӡа мчыбжьқәак шагыз.

Аукцион аҿы иара убасгьы иҭиин Пабло Пикассо, Анри Матисс, Демиен Херст, Бенкси русумҭақәа.

Лондонтәи аукцион аҿы Енди Уорхол иҭыхымҭа, Ленин исахьа аҭираз иқәыргылан