Цкәуа апремиер-лига афиналбжа иазкны: афилармониа ҭәын, алафгьы ҵарын
© Sputnik
"Актәи аҭыԥ ҩ-гәыԥк еицеиҩыршеит аҟнытә, афиналбжаҿы ихәмаруаз агәыԥқәа зегьы афинал ахь инеит. Ахәмарра атәы ҳалацәажәозар, афилармониа ҭәын, акомандақәа рлафгьы ҵарын, ахәаԥшцәа ибзиан ирыдыркылеит, урҭ ргәалаҟазаара шьҭнахит ҳәа сгәы иаанагоит. Атематика еснагь еиԥш ҳтәыла иахьатәи аҭагылазаашьа иазкын, асоциалтә уадаҩрақәа, ателехәаԥшраҿы ицо адырраҭарақәа уҳәа ирацәан алаф злырхуаз. Ахәаԥшцәа афиналбжатәи ахәмарра рбар рылшоит мчыбжьык ашьҭахь ателеканал "Абаза-ТВ" аҿы", - ҳәа азгәеиҭеит Цкәуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.