Арадио

Џьениа Уалид Маршьан ибаҟа иазкны: дысзааигәан, исылшоз зегьы ҟасҵеит

Асахьаҭыхыҩ, аскульптор Витали Џьениа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Уалид Маршьан ибаҟа аус шадиулоз атәы.
Sputnik
Џьениа Уалид Маршьан ибаҟа иазкны: дысзааигәан, исылшоз зегьы ҟасҵеит

"Уалид Маршьан ибаҟа аҟаҵара сыдызгалаз Арепатриациазы аминистр Беслан Дбар иоуп. Ари аҟара исзааигәаз ауаҩы изы мап скуазма, саргьы сеигәырӷьаны сақәшаҳаҭхеит. Исылшоз зегьы ҟасҵеит, аус адызулеит, иашьа Шьарафгьы, уи инеиҩс дыздыруаз иҩызцәагьы неины иахәаԥшуан. Абаҟа даара иргәаԥхеит, иашьа убас иҳәеит: "дызцәажәом акәымзар, егьыс зегьы ҟауҵеит" ҳәа", - иҳәеит Џьениа.

Шьамтәыла ар аинрал-маиор, иналукааша аԥсуа диаспора ахаҭарнак Уалид Маршьан ибаҟа аартын ажьырныҳәа 24, Аҟәа, Аԥсны Арепатриациазы аминистрра ашҭаҟны.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.