Арадио

Адлеиԥҳа: уажәшьҭа аусура сҽасҭар сҭахым, смоҭацәа рааигәара сыҟазар сҭахуп

Аԥсуа телехәаԥшра раԥхьатәи адикторцәа иреиуоу, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Емма Адлеиԥҳа ажьырныҳәа 26 рзы иазгәалҭоит лиубилеи, лара илхыҵит 60 шықәса. Иахьагьы Аԥсуа телехәаԥшраҿы аус зуа Емма Адлеиԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иазгәалҭеит лыԥсҭазаара абжеиҳарак ателехәаԥшра ишадҳәалоугьы, уажәшьҭа аекран аҟны ацәырҵра шылҭахым.
Sputnik
Адлеиԥҳа: уажәшьҭа аусура сҽасҭар сҭахым, смоҭацәа рааигәара сыҟазар сҭахуп

"Агха ҟазымҵо ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам, аха сара исгәалашәом ҵак дук змаз агха ҟасҵахьеит ҳәа. Аефир ахь ацәырҵра даара аҭакԥхықәра дуны сахәаԥшуан, уахь снеиаанӡа еснагь сҽазыҟасҵон, ҩынтә-хынтә атекст самыԥхьакәа астудиа сыҩналаӡомызт. Уажәы агха ҟауҵар акгьы амаӡам ҳәа иԥхьаӡоуп. Сара уажәшьҭа аекран ахь сцәырҵындаз ҳәагьы сыҟам, иахьа ателехәаԥшраҿы средакторуп, уи аамҭа рацәаны исцәагоит, даҽа уск салагартә еиԥш алшара сымам. Аусура сҽасҭар сҭахым, смоҭацәеи сыхшареи ирыгсыжьыр сҭахым", - ҳәа азгәалҭеит Адлеиԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.