"Аҳәынҭқарра аганахьала зҵаара хаданы иаҳзықәгылоу ҳбиуџьет ахарҭәаара ауп. Уадаҩрас иҳамоу Қырҭҭәыла аҟынтә Аԥсныҟа иаарго атауар иахьа закәанла ишахәҭоу еиԥш ашәҟәы еиқәыршәаны аҟаҵара азин ҳамаӡам, аха аҭагылазаашьа злаҟоу ала, Гал араион ауааԥсыра аҳәаа иахыган ак рымгар ҟалом, убри аҟнытә галтәи ахырхарҭаҿы ауадаҩрақәа ҳамоуп, аха излаҳалшо ала аус адааулоит. Гәылрыԥшь араионаҿ иаадыртраны иҟоу иҷыдоу аҳазалхратә пост, уи Аԥсныи Урыстәылеи еиқәшаҳаҭны ирыӡбаз усуп. Апост аҟазаара ахәаахәҭра знапы алаку ауаа рзы иманшәалахоит, анаҩс аҳәааҿы ианнеиуа аамҭазы ауадаҩрақәа цәырымҵырцаз. Мызқәак роуп иаанхаз, анаҩс иара аусура хацнаркуеит. Аҳәынҭқарра аҩныҵҟа ус еиԥш иҟоу агәаҭарақәа анымҩаԥысуа иаҳа алҵшәа бзиоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Шамба.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.