"Ҳаамҭа афырхаҵа" актәи аҭыжьымҭа аҭирахь икылыргоит

Аукционтә ҩны "Литфонд" 1840 шықәса рзы иҭыҵыз Михаил Лермонтов ироман "Ҳаамҭа афырхаҵа" (Герой нашего времени- аред.) актәи аҭыжьымҭа аҭирахь икылыргоит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 28 – Sputnik. Михаил Лермонтов ироман "Ҳаамҭа афырхаҵа" актәи аҭыжьымҭа аҭирахь икылыргоит Москва, жәабран 9 рзы. Абир атәы аанацҳауеит Аукционтә ҩны "Литфонд" асаит.

Алот аԥхьатә хәыԥса иартәоит 3,3 - 3,5 миллион мааҭ.

Лермонтов ароман аҩра напаиркит 1837 шықәса рзы. Ароман аԥхьатәи ахқәа аԥхьаҩцәа ирыдгалан ажурнал "Отечественные записки" аҿы.

Хазы иго актәи аҭыжьымҭа кьыԥхьын 1840 шықәса рзы.

Ашәҟәы атираж 1000 екземплиар инаӡон.