Арадио

Гьемуа еиҭеиҳәеит амазареи ахатәреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҿаԥхьа хыдҵас иқәгылаз

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рзы аусбарҭа аколлегиа мҩаԥысит Аҟәа, ажьырныҳәа 29 рзы. Аизараҟны амазара анапхгараҭара аҟәша аиҳабы Наур Гьемуа 2018-тәи ашықәс аҳасабырба ҟаиҵеит. Иара иазгәеиҭеит аҟәша аҿаԥхьа зҵаара хаданы иқәгылоу - ақьыраԥса аизгара шаку.
Sputnik
Гьемуа еиҭеиҳәеит амазареи ахатәреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҿаԥхьа хыдҵас иқәгылаз

"Ахатәтәразы аилак аҟәша иаԥхьагылоу, ихадароу, аԥсшьарҭаҩнқәеи асасааирҭақәеи рҟнытә ақьыраԥса иааизакны абиуџьеҭ ахь ахыԥхьаӡалара ауп. 2018 шықәса рзы дҵас иҳаман 23 миллион мааҭ аизгара, иарбаз аҟнытә ҳаҟәша иалнаршеит 21 миллион мааҭ аланагалара. Иҟоуп ауадаҩрақәа зцу анаплакқәеи, асасааирҭақәеи, урҭ ирықәу ауал 10 миллион мааҭ артәоит", - ҳәа азгәеиҭеит Гьемуа.

Аусбарҭа аиҳабы Наур Гьемуа иаҳасабырбаҿы далацәажәеит, аҟәша ареспублика иатәу амазаразы ахылаԥшра шцо атәы.  

"Игәаҳҭалоит анаплакқәа ирымоу амазара рхы ишадырхәо уи лҵшәас иамоу атәы. Арҭ аусурақәа макьана цоит, аихшьаала ҟаҵахоит иаҳа ихьшәаны", -  иҳәеит Гьемуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.