Ҭырқәтәыла ААР: ар Шьамтәылатәи аоперациа иазыхиоуп

Уаанӡа Таип Ердоган аҳәамҭа ҟаиҵахьан 1998 шықәса рзы Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рыбжьара анапы зҵаҩыз, Кәырдистан аусутә партиа аҿагылараз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Анкара азин амоуп Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи рҳәаа иахьаԥну арратә операциа амҩаԥгара ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik. Ҭырқәтәыла атәылахьчара аминистр Хулуси Акар аҳәамҭа ҟаиҵеит аҭырқәа ар шазыхио Шьамтәыла, Манбиджа араион аҿы аоперациа амҩаԥгара ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Лавров Ҭырқәтәыла Шьамтәыла имҩаԥнаго аоперациазы: акзаара ашьақәыргылароуп

"Аҭырқәа аҳаир мчрақәа Шьамтәыла, Манбиджа араион аҿы аоперациа амҩаԥгара иазыхиоуп. Аамҭа шааилак атеррористцәа ирҿагыланы иқәгылоит",  - ҳәа иҳәеит Акар.

Аминистр игәаанагарала Ҭырқәтәылатәи ар арабцәа ма акурдцәа ракәӡам изҿагыло, атеррористтә еиҿкаарақәа роуп.

Уаанӡа Таип Ердоган аҳәамҭа ҟаиҵахьан 1998 шықәса рзы Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рыбжьара анапы зҵаҩыз, Кәырдистан аусутә партиа аҿагылараз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Анкара азин амоуп Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи рҳәаа иахьаԥну арратә операциа амҩаԥгара, урҭ ЕАА иалрымгар ҳәа.

ЕАА ахада Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵахьан Шьамтәыла 30 километра иҟоу абуфертә зона еиҿкаатәуп ҳәа. Ҭырқәтәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Ибрагим Калын абри аидеиа адгылара аиҭеит, иагьазгәеиҭеит Ҭырқәтәыла абри азона ахылаԥшра шанаҭало.