Америка арратә мчрақәа рҳаирплан Хмеимим иахаԥраауан

Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҳәаанырцәтәи аԥшыхәратә ԥрыгақәа Урыстәыла аҵакыра ааигәара ирбон, хаҭала Ҟрым, Краснодартәи атәылаҿацә, Балтикатәи амшын рҵакырақәа ирцәыхарамкәа.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik. Америка арратә мчрақәа рҳаирплан P-8A Poseidon Шьамтәыла иҟоу урыстәылатәи арратә база Хмеимим ахаԥраауан ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аресурс Plane Radar адыррақәа рыла аҳаирплан шьҭыԥрааит Италиатәи адгьылбжьаха Сицилиа иҟоу авиабаза Сигонелла аҟынтәи.

Аҳаирплан аԥырра аҳаракыра 4,7 километра иҟан.

Ииасыз ашықәс аҩныҵҟа урыстәылатәи аҳәаақәа рааигәара игәаҭан 980 000 обиект. Урҭ рҟынтәи 3 000 обиект аҳәаанырцәтәи аҳаирпланқәа ракәын, 1000 – ҳаирплан-ԥшыхәҩын.