Арадио

Гәынба еиҭеиҳәеит аԥсуа фильмқәа дырбара араионқәа рҿы ишацҵахо атәы

Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә культура ҭынха ахьчареи рминистрра аспециалист хада Адамыр Гәынба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аԥсуа фильмқәа ақыҭақәа рҿы дырбаразы Акультура аминистрра апроект сынтәагьы ишацҵахо.
Sputnik
Гәынба еиҭеиҳәеит аԥсуа фильмқәа дырбара араионқәа рҿы ишацҵахо атәы

"Аԥсшәахь еиҭагоу афильмқәа ақыҭақәа рҟны дырбаразы Акультура аминистрра апроект иацнаҵоит. Ахәаԥшразы аҭагылазаашьа ахьыҟаз 25 қыҭак рҿы ҵыԥх афильмқәа дырбан. Сынтәа ари апроект хацыркуп, араионтә культуратә ханқәа рҿы ауааԥсыра идырбахоит афильмқәа. Тҟәарчалтәи акультуратә хан аҿы ажьырныҳәа 31 рзы идырбахоит ҩ-фильмк, ахәыҷқәеи адуцәеи рзы. Дара иҟарҵаз аҳәарала, иҳамоу афильмқәа зегьы рсиа рзышьҭын. Анаҩс ахәыҷқәа рзы дара иалырхит "Рапунцель", адуцәа идырбахоит " Аԥсҭазаара хазыноуп"", - иҳәеит Гәынба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.