Арадио

Адлеиԥҳа: аҳҭныҟалақь ашколқәа рҿы акарантин алагалара аҭахны иҟам

Аҳҭнықалақь аҵараҟәша аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны илҳәеит ашколқәа рахь имнеиуа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара шырацәоугьы, урҭ зегьы чмазаҩны иҟам ҳәа.
Sputnik
Адлеиԥҳа: аҳҭныҟалақь ашколқәа рҿы акарантин алагалара аҭахны иҟам

"Зынӡа, Аҟәа ақалақь абжьаратә школқәа ирҭоуп 8 116-ҩык ахәыҷқәа, иахьазы иагуп 2000-ҩык. Мызкы ҵуеит ахәыҷқәа рагхара азгәаҳҭоижьҭеи. Иахьа 10-тәи ашкол аҿы 500 ахәыҷқәа ыҟаӡам. Дара зегьы аҳақьым иҟны инеины ишыҽмазаҩу ала ишьақәыргылазар, убасҟан акарантин алагалара ахәҭоуп. Иахьазы ус еиԥш аҭагылазаашьа ыҟаӡам аҵара-ааӡара аус аанкыларазы. Аҵара процесс иагхаз ахәыҷқәа арҵаҩы ихалырҭәаар акәхоит. Ачымазара макьана амҽхак аҽамырҭбаац, уи аҳаракыра жәабранмзазы ауп ианазгәаҭоу", -  лҳәеит Адлеиԥҳа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.