Аладатәи Африка аҵарауаа иаадырԥшит амегаполис

Атехнологиа LIDAR ахархәарала аҵарауаа Африка аладатәи акалҭ аҿы ирыԥшааит амегаполис.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Аҵарауаа ишьақәдыргылеит ақалақь Иоханнесбург акалҭ аҿы игылоу ахаҳәтә ргыларақәа 200 шықәса рҟынӡа аҭоурых иацәыӡны иҟаз амегаполис иахәҭоуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости апортал Science Alert адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Амегаполис аԥшаараан ахархәара аҭан атехнологиа ҿыц LIDAR.

Аҵарауаа ргәаанагарала ақалақь Квененг аҿы инхон 800 ҭӡы инарзынаԥшуа тсвана ажәлар.

Аҵарауаа ргәаанагарала Квененг XV – XIX ашә. рзы инхоз ауааԥсыра иааныжьны ицеит. Ақалақь 20 километр ԥшьыркца аура-ҭбаара ыҟоуп.