Арадио

Чепиаԥҳа еиҭалҳәеит ахьыџьаб аныҟәгара ҵакыс иамоу атәы

Жәабранмза 1 адунеи аҿы иазгәарҭоит ахьыџьаб ҳәа изышьтоу ашәҵатәы амш. Иабанӡаманшәало иара, насгьы ахьыџьаб аныҟәгара акультура иаҵанакуа атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит уи ныҟәызго Елеонора Чепиаԥҳа.
Sputnik
Чепиаԥҳа еиҭалҳәеит ахьыџьаб аныҟәгара ҵакыс иамоу атәы

"Сара аԥсылман ҭаацәараҿы сиит, исызҳаит, аха иаҳа инарҭбааны адин аныҟәгара салагеижьҭеи 18 шықәса ҵуеит. Дарбанзаалак адин ныҟәигар аниҭаху дазхәыцуеит иҟаҵатәу, нас хәыҷы-хәыҷла шьаҿа-шьаҿала дықәныҟәо далагоит. Сара схәыҷы аахыс аԥсуа ԥҳәыс лҭеиҭыԥш акасы лхаҵаны ауп схаҿы ишыҟоу, ҳандуцәа ус ирхан, урҭ ранацәа. Иаҭахуп ҳәа издыруан, убри аҟнытә адин ишаҳәо еиԥш аныҟәгара салагеит ахьыџьаб. Лассы-лассы исазҵаауеит аԥхын ашоура шәамкӡои ҳәа? Аԥхын зегьы рзы ишоуроуп, аха уцәа шаҟа ихҩоу аҟара, убасҟак ашоурагьы ачҳауеит, ашәшьыра иҵоушәа иҟоуп. Ахьыџьаб аныҟәгара Ҳазшаз иҳадиҵеит, уи алаԥш аҽацәыхьчара, угәы-уԥсы ахьчара ауп иаанаго, ухы пату ақәҵара", - ҳәа азгәалҭеит Чепиаԥҳа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.