Гуаидо аҳәамҭа ҟаиҵеит Венесуела амчра аԥсахра Урыстәылазы ифеидоуп ҳәа

Гуаидо иара убасгьы иҳәеит Москва анырразы аҽазышәарақәа шымҩаԥиго.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 1 - Sputnik. Венесуелатәи аоппозиционер Хуан Гуаидо,аамҭалатәи атәыла ахада ҳәа зхы рылазҳәаз, аҳәамҭа ҟаиҵеит Венесуела амчра аԥсахра Урыстәылази Китаи ази ифеидоуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Гуаидо амаҵзура Reuters иеиҭаз аинтервиу ааго.

Гуаидо аҳәамҭа ҟаиҵеит аруааи иареи аинырра шрымоу азы

"Урыстәылеи Китаии атәылаҿ аҭынчра аҭышәынтәалара рзыфеидахароуп, дара роуп хәаахәҭратә партниор дуқәаны иҟоу", - иҳәеит иара.

Атәыла ахада Николас Мадуро "Венесуела аинтересқәеи аҳәаанырцәтәи аинвистициақәеи ихьчом" ҳәа азгәеиҭеит Гуаидо.

Апарламент аиҳабы иара убасгьы иҳәеит аоппозициа аиааира агар уаанӡатәи аҳәынҭқарра ахыдҵақәа ишрыҵагыло азы.

Ажьырныҳәа 23 рзы Венесуела массала ауаа Николас Мадуро иҿагыланы ақәгылара иалагеит. Атәыла апарламент ахада Хуан Гуаидо иара убри аҽны атәыла ахадас иҟоу сара соуп ҳәа рылеиҳәеит. ЕАА аҽа тәылақәаки иара атәыла ахадак иҳасаб ала дазхарҵеит.

Мадуро, Москва адгылара инаҭеит.