Instagram Симониан лпост ашәарҭара аҵоуп ҳәа аԥхьаӡеит

Уаанӡа Симониан Instagram аҿтәи лпост аҿы ааԥхьара ҟалҵеит Муса Умаханов ицхырааразы аԥара аизгара иалагарц.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Instagram RTи МИА "Россия Сегодня" редактор Маргарита Симониан Донбасс ирхәыз Муса Умаханов ицхырааразы лааԥхьара аилазаара аԥҟарақәа еиланагоит ҳәа иаԥхьаӡеит.

Уи адагьы аԥҟарақәа еиҭеилагахар Симониан лаккаунт зынӡа иаԥыххар алшоит ҳәа агәҽанҵара ҟаҵан.

"Instagram апроект "Дальше Действовать Будем Мы" иазкыз апости Умаханов ихәышәтәразы ааԥхьара ҟазҵоз апости ықәнагеит. Абри аганахь Instagram иаҳәаз акы заҵәык ауп: "Ҳара иаҳҭахуп Instagram аӡәгьы изы шәарҭара аҵамзарц", - ҳәа лыҩуеит Telegram-канал аҿы Симониан.

Симониан Instagram аҿтәи лпост аҿы ааԥхьара ҟалҵон 2016 шықәса рзы донецктәи аҳаиртә баӷәазаҿы ахәра зауз Муса Умаханов ицхырааразы аԥара аизгара иалагарц. Иара ахәра иоуит украинатәи ар ржәылара аҿагылара аҭараан.