Арадио

Нанба еиҭеиҳәеит Краснодартәи атәылаҿацә имҩаԥысыз аиԥылараҿы излацәажәаз

Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор ихаҭыԥуаҩ Игор Галаси Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанбеи реиԥылараҿы изааҭгылаз азҵаарақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Sputnik
Нанба еиҭеиҳәеит Краснодартәи атәылаҿацә имҩаԥысыз аиԥылараҿы излацәажәаз

"Аҵарадырра иадҳәалоу азҵаарақәа - ашәҟәқәа, аметодикатә цхыраагӡақәа, аԥышәа еимдара уҳәа ирацәоуп ҳазлацәажәаз азҵаарақәа. Ҳминистрцәа ирыман аҭагалазаашьа аиҿцәажәара, иаҳҳәеит ақыҭанхамҩа аганахь ала ауадаҩрақәа даара ишырацәоу. Еиуеиԥшым ахәаҷа-маҷақәа аԥырхага иҟарҵо азгәаҳтеит, ацхыраара шҳауа атәы ҳарҳәеит. Уи аԥара мацара акәым, раԥхьа инаргылан аԥышәа аимдара. Ҳалацәажәон акурорти атуризми аганахь ала азҵаарақәа. Аҭоурыхтә баҟақәа рыхьчаразы Краснодартәи атәылаҿацә иҟарҵо, азнеишьас ирымоу аилкааразы азҵаарақәа ирзааҭгылан. Издыруеит, ҳаӡҭоу амза 14 рзы Шәачатәи афорум аҿы иҟалоит даҽа еиқәшәарак, напы аҵаҩхоит амеморандум азы аплан. 2009 шықәса рзы напы зҵаҩыз аплан аусура иалагарцаз аусқәа мҩаԥаагалоит", - ҳәа азгәеиҭеит Нанба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.