Урыстәылатәи аробот акосмос ахь аԥырра иазыхиоуп

Аробот SAR-401 аус ауеит аоператор инеиҭаҵааиҭаҵра арежим ала.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Ауаҩсахьа змоу аробот SAR-401 аԥышәара иахысит акосмонавтцәа разыҟаҵаратә Центр аҿы. Ара акосмонавтцәа азыҟарҵоит иаарту акосмос ахь анеиреи егьырҭ апланетақәа рҿы рыҟазаара алыршареи. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Акосмонавтцәа разыҟаҵаратә Центр аҿы аробот изныкымкәа иԥыршәеит", - ҳәа иҳәоит Ацентр аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Иури Чеботарев.

SAR-401 –ҵаҵӷәыс иамоуп аԥеԥштә ҭҵаарақәа Рфонд иҭнажьыз аробот "Федор".

Уаанӡатәи адыррақәа рыла аробот "Федора" 2019 шықәса рзы идәықәҵахар алшоит Жәларбжьаратәи акосмостә станциахь. Иара убасгьы "Федор" урыстәылатәи акосмостә ӷба ҿыц "Федерация" аҿы раԥхьатәи пассаџьырхар ҟалоит.

Урыстәылатәи аробот акосмос ахь аԥырра иазыхиоуп