Џьопуа: еиҳарак ахәышәтәырҭа иадҵаало Аҟәеи Аҟәа араиони рҟны инхо роуп
© Sputnik
"Ахәышәтәырҭа иадҵаало ахәыҷқәа чымазаҩцәа рхыԥхьаӡара рацәоуп, 100-80-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Дара аиҳарак аҿкычымазара змоу роуп, уи есышықәса ус иҟоуп, иуҳәар ҟалоит аҿкы чымазарақәа ираамҭоуп ҳәа. Иубарҭоуп, ҵыԥх уажәааны аасҭа ачымазаҩцәа рхыԥхьаӡара иаҳа ишырацәоу, 10% рыла еиҳауп. Еиҳарак ахәышәтәырҭа иадҵаало Аҟәеи Аҟәа араиони рҟны инхо роуп. Аимҳәаҿкы чымазара акәзар, изалагәаҳҭо амаруга ҷыда ҳамоуп, убри анаҩс еиҭа иҟаҳҵоит авирусологиатә анализ, ашьҭахь ауп аимҳәаҿкы чамазара змоу анеилкаахо", - ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа .
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.