Арадио

Ҳаџьымба: алашара ахә ахымшәаара аиҳарак изыхҟьо амамзаароуп

Избан ҳтәылауаа алашара ахә ахшәаара зырцәыцәгьоу, изыхҟьозеи уи? Абри азы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы игәаанагара иҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны Гәылрыԥшь арион аҿы афымцамч азы иаԥҵоу акомиссиа ахада Гурам Ҳаџьымба.
Sputnik
Ҳаџьымба: алашара ахә ахымшәаара аиҳарак изыхҟьо амамзаароуп

"Афымцалашара ахә ахшәааразы аиҵахара ҟало ианалага, Аԥсны аԥыза-министр иқәҵарала араионқәа рҿы еиҿкаан акомиссиа. Зегьы иааибыҳәан ҳаицныҟәоит, ауаа ҳрацәажәоит. Иҳәатәуп, аҭагылазаашьа еиӷьхеит, аха аԥара ахьахырымшәаауа еиҳарак изыхҟьо амамзаароуп. Уанрацәажәалак, аӡәы дыԥхашьоит, егьи даӷьуеит. Зегьы знеишьак-знеишьак рҭахуп. Ауаа еилыркаароуп аԥара ахырымшәаар, алашара ҟамлар шалшо атәы. Ацәаҳәақәа ԥсахтәуп, ашьаҟақәа шьақәыргылатәуп – ари зегьы ахарџь аҭахуп. Ҵыԥх ҳраион аҿы быжь-трансформаторк иблыз ԥсахын, абри зегьы еизаҳго аԥарала ауп ишыҟаҳҵо", - ҳәа иҳәеит Ҳаџьымба.     

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.