Арадио

Ашәба: Дузџьатәи ауниверситет аҟны аԥсшәа аҵара иахьалаго крызҵазкуа усуп

Ҭырқәтәыла Дузџьатәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аԥсшәа дырҵаразы алшара ҟалоит ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik аҟны Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Sputnik
Ашәба: Дузџьатәи ауниверситет аҟны аԥсшәа аҵара иахьалаго крызҵазкуа усуп

"Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Дузџьатәи аҳәынҭқарратә университети шықәсқәак раԥхьа аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵахьан. Уи иазгәанаҭон Ҭырқәтәылатәи ауниверситет аҟны кавказтәи абызшәақәа рҵара аԥшьганы акафедрақәа аартны аусура алагара. Ҳара иақәнагаз ашәҟәқәа ҳашьҭит, арҵаҩцәа рсиа, ҳаԥшын ааԥхьара анҳауа ҳәа, аха Қырҭтәыла аҿагылан азҵаара аӡбара залыршамхеит усҟан. Уажәы Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа федерациа иабзоураны ҿыц ацәажәарақәа мҩаԥыргеит. Афедерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәысба адырра сиҭеит сынтәатәи аҵарашықәс иалагӡаны адокументқәа еиқәыршәаны, ицараны иҟоу арҵаҩцәа, урҭ аҭҵаарадырратә ҩаӡара змоу, аԥсуа бызшәа аҵаразы ашәҟәқәа еиқәзыршәахьоу, арҵаҩраҟны аԥышәа змоу аҭахны иҟоуп, иаҳзаашәышьҭроуп, акафедра аадыртуеит ҳәа. Ари азҵаара зыӡбо ауниверситет ауп. Аректор Алеко Гәарамиа адырра исҭеит, даара деигәырӷьеит. Уажәы аҽазыҟаҵара цоит, иақәнагоу арҵаҩцәа алхны, уаатәи ауниверситет аԥҟарақәа еиламгакәа рышьҭразы", - иҳәеит Ашәба.

Иара иазгәеиҭеит Ҭырқәтәыла Дузџье ақалақь акәша-мыкәша аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рацәаҩны ишынхо, аԥсшәа аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵара иахьалаго кырзҵазкуа усны дшахәаԥшуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.