Ҭарба: акәашаразы ацәамаҭәа ҿыц аӡахра ауадаҩра ду зцу усуп
© Sputnik
"Цәыббрамзазы "Кавказ" 25 шықәса ахыҵра амҩаԥгара сгәы иҭоуп. Усҟан акы-ҩба кәашара ҿыцқәа алазгалар сҭахуп. Аха акәашара ҿыц анықәургыло, амаҭәа ҿыц аҭахуп, уи аӡахра апроблема ду ацуп. Аба злааухәо умазароуп, аӡахразы аԥара аҭахуп. Аимсы аӡәы изы аӡахра ԥшьнызқь мааҭ иаԥсоуп. Уажәы ҳазлакәашо амаҭәақәа 1995 шықәса рзы иӡахыз роуп, убарҭ роуп иахьа уажәраанӡагьы иҳамоу. Џьара иаатлар, иаразнак иаҳӡахуеит. Иахьа Урыстәыла ҳазбо шәформақәа шԥаԥшӡоу ҳәа уарҳәоит, аха урҭ рыӡахра имариоу усым", - ҳәа азгәеиҭеит Ҭарба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.