Римтәи Папа аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны Аравиатәи адгьылбжьаха даҭаауеит

Римтәи Папа аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны Аравиатәи адгьылбжьаха даҭаауеит жәабран 3 - 5 рзы апринц Абу-Даби шеих Мухаммед бен Заид Аль Нахаиана инаԥхьарала.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Римтәи Папа Франциск Еиду Арабтәи Аемиратқәа дырҭаарц амҩа дықәлеит амҽыша ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Еиду Арабтәи Аемиратқәа рахь амҩа сықәлоит иашьак иҳасаб ала, аҭынчра амҩа ҳаицанысырц. Сыхьӡала Анцәа шәимҵаныҳәала", - ҳәа иҩуеит апонтифик Twitter аҿы.

Римтәи Папа Франциск Римтәи-акатоликатә уахәама аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны Аравиатәи адгьылбжьаха даҭаауеит.

Абу-Дабиҟа иԥырра аламҭалаз, Ватикан амҽышатә нцәаимҵаныҳәара аамҭазы апонтифик иныҟәара "аамҭала икьаҿу аха аҵакы дуны измоу" ҳәа дахцәажәеит.

Еиду Арабтәи Аемиратқәа рҿы Франциск ихы алаирхәуеит жәларбжьаратәи адинбжьаратә еиԥылара.