Џьениа еиҭеиҳәеит Аҷандара ақыҭа ахьӡ ахьынтәиаауа
© Sputnik
"Адуцәа ирҳәо саҳахьан ҳқыҭа ахьӡ аҷандарҵлақәа рҟынтәи иаагоуп, шәарыцаҩык лабашьаны иаирсыз ауп изхылҿиааз ҳәа. Уаҳа ҭоурыхла урҭ аӡәы еиҭеиҳаит ҳәа аӡәгьы ихьӡ арбаӡам. Ашьхантәи илбааз ашәарыцаҩ илабашьа адәаҟны иахьаирсыз аҵла ахылҿиааит ҳәа азгәарҭон. Иара аҵла еиԥшу Аԥсны ирацәаны еиҭаҳауп, аха уи аҩыза абӷьы ҵлак иамаӡам. Иара иаҿыгангьы еиҭаҳҳахьеит, аха еиԥшцәҟьаны иҟалом. Ари аҵла еихаҳаны иҟаҵоушәа даҽа сахьак амоуп. Аҵарауаа аҵла ҭызҵаауаз 7 шықәса раԥхьа адырра сырҭеит 800 шықәса иреиҵам ҳәа", - иҳәеит Џьениа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.