Гуаидо Мадуро заанаҵтәи апарламенттә алхрақәа мҩаԥгатәуп ҳәа ииҳәаз хшыҩдараны дахәаԥшуеит

Уаанӡа  Венесуела ахада Николас Мадуро аҳәамҭа ҟаиҵеит иазыԥхьагәаҭаз аҿҳәара ҟалаанӡа атәылаҿы апарламенттә алхрақәа рымҩаԥгара дшақәшаҳаҭу азы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Венесуелатәи аоппозициа аԥхьагыла Хуан Гуаидо Николас Мадуро заанаҵтәи апарламенттә лхрақәа мҩаԥгатәуп ҳәа ииҳәаз хшыҩдараны дахәаԥшуеит, политикатә ҽшьрангьы ибоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, апортал Nacional адыррақәа ҵаҵӷәны иҟаҵаны.

"Ари политикатә гәызианроуп. Издырырцгьы сҭахым Мирафлорес итәоу рзы уи асоциалтә лҵшәақәа ҳәа иҟанаҵаша", - иҳәеит Гуаидо.

Мадуро: дарбанызаалак аҳәаанырцәтәи асолдаҭ Венесуела адгьыл ишьапы ықәиргылом

Уи адагьы Хуан Гуаидо, атәыла аамҭалатәи ахадас зхы рылазҳәаз, ақалақьқәа рхадацәа дырҭааит, аҳәаанырцәтәи агуманитартә цхыраара аихшара алацәажәаразы.

"Ақалақьқәа рхадацәеи сареи ҳаиԥылеит, зҭагылазаашьа уадаҩу ауааԥсыра агуманитартә цхыраара рыҭаразы. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит уи азы", - ҳәа иҩуеит Гуаидо Twitter аҿтә имикроблог аҟны.

Уаанӡа  Гуаидо аҳәамҭа ҟаиҵахьан атәылаз агуманитартә цхыраара шеизырго Колумбиа, Бразилиа, Карибтәи амшын адгьылбжьахақәа рҿы.

Ажьырныҳәа 21 рзы Венесуела иахьатәи ахада Николас Мадуро иҿагыланы Каракас ақәгыларақәа ирылагеит. Апарламент аспикер Хуан Гуаидо ажьырныҳәа 23 рзы атәыла ахадас ихы рылеиҳәеит.

Иахьатәи аамҭазы Гуаидо истатус адгылара арҭеит: ЕАА, Канада, Аргентина, Бразилиа, Чили, Колумбиа, Коста-Рика, Гватемала, Гондурас, Панама, Парагваи, Перу, Қырҭтәыла. Урыстәыла акәзар Мадуро Венесуела закәаншьаҭала иалху хаданы даԥхьаӡоит.