Украина Евроеидгылеи НАТОи рылаларазы Аконституциа еиҭанакит

Аконституциа зыԥсахуа азакәан иазыԥхьагәанаҭоит Урыстәыла Амшынеиқәатә флот Ҟым аҟазаара азин ҟазҵоз аконституциатә норма аԥҟарақәа ралхра.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Иреиҳаӡоу Рада Украина Евроеидгылеи НАТОи рылаларазы Аконституциатә еиҭакрақәа зегьы шьақәнарӷәӷәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аконституциаҿ аԥсахрақәа рыдыркылеит Иреиҳаӡоу Рада аилатәараҿы. Уи азы рыбжьы рҭиит 334-ҩык апарламентарицәа.

Аконституциа инақәыршәаны азакәан инапы аҵаиҩыроуп Украина ахада. Адокумент амчра аиуеит аофициалтә прессаҿы ианыркьыԥхь иашьҭанеиуа амш инаркны.

Аконституциа аԥсахра алагалара иаԥшьгамҭоуп Украина ахада Пиотр Порошенко.

Атәыла ахада иҳәеит Киев 2024 шықәса рзы Евроеидгыла алаларазы азыҳәа шыҟанаҵо.