Урыстәыла иаадырԥшит 20 регион зымҽхакны аус зуаз аԥара ԥаршеи аҟаҵаҩцәа

Урыстәыла ашәарҭадаратә маҵзуреи аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи русзуҩцәа Москвеи Даӷьсҭани арегионқәа рҿы ацәгьоуратә гәыԥ ҭарыԥшыхәит. Агәыԥ алахәылацәа аԥара ԥаршеи ҟарҵон.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Урыстәыла иаадырԥшит арегионқәа 20 зымҽхакны иҟаз аԥара ԥаршеи аҟаҵаҩцәа. Иаанкылоуп 30-ҩык абандатә гәыԥ иалахәылацәоу ҳәа агәҩара ззыҟоу. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Иаанкылоуп 30-ҩык еиҿкаау ацәгьоуцәа ргәыԥ иалахәылоу. Аԥара ԥаршеи рыладырҵәараны иҟан еиҳа аҿиара змоу арегионқәа 20 рҿы", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ацәгьоуратә еилазаара аҳәаанырцәынтәи русура ҳәаақәырҵон. Аполициауаа жә-шьауск хацдыркхьеит.

"Уаанӡа, 2018 шықәса жьҭаарамзазы Даӷьсҭантәи ареспубликаҿы аԥара ԥаршеи аҟаҵаҩцәа ргәыԥ ааныркылахьан, иахьыҟарҵоз аҭыԥи рмыругақәеи дырбаандаҩхьан", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Уажәы иаанкылоу ахаҿқәа егьырҭ ацәгьоурақәа, аиҳаракгьы афинанстә терроризм, иалахәу иалахәыму шьақәдыргылоит.