Еилаҳаз Сҭамԥылтәи аҩны иаҵыргеит фҩык ауаа рыԥсыбаҩ

Уаанӡатәи адыррақәа ишырҳәоз ала, Картал араион аҿы еилаҳаз аҩнаҿы хҩык ҭахеит ҳәа акәын.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 8 — Sputnik. Ианеиҵаха фҩык ауаа ҭахеит, 13-ҩык ахәрақәа роуит ҳәа ааицҳауеит ақалақь агубернатор Али Ерликаиа.

Сҭамԥыл еилаҳаз аҩнаҿы иҭахаз рхыԥхьаӡара иацлеит

"Аҽа х-ԥсыбаҩык аҩны иаҵырхит. Абасала иҭахаз рхыԥхьаӡара фҩык рҟынӡа инаӡеит. 13-ҩык ахәрақәа зауз рҟынтәи хҩык ареанимациаҿ ишьҭоуп. Урҭ руаӡәк иҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп", - ҳәа ажурналистцәа иреиҳәеит ақалақь агубернатор Али Ерликаиа.

Аиқәырхаҩцәа аилаҳарақәа реилыргара иаҿуп.

Аиқәырхаратә операциа иалахәуп 500-ҩык рҟынӡа  еиуеиԥшым амаҵзура ҷыдақәа русзуҩцәа.

Аҩны аилаҳара мзызс иахәаԥшуеит аҵыхәтәантәи ах-еихагылак закәаншьаҭада иахьахаргылаз.