Coca-Cola агьама ҿыц аиуит

Аилахәыра аалыҵ ҿыц аҭыжьра аламҭалаз афокус-гәыԥ аҿы ирыднагалон амалина, аимбир, алимон уҳәа ргьама змаз арыжәтә хкқәа.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik. Аилахәыра Coca-Cola  аҵыхәтәантәи ажәашықәса рыҩныҵҟа раԥхьаӡа акәны апатырқали аванили ргьама змоу арыжәтә аҭыжьра иалагоит. Абри атәы аҳәоит акорпорациа асаит апресс-релиз аҿы.

"Ҳара иаҳҭахуп аԥхынтәи амш ссирқәа ргьама  агәалашәара шәыцзаарц", - ҳәа ахылҳәааит абри аҿыцра аилахәыра абренд-директор Кеит Карпентер.

Арыжәтә ҿыц аахәара алшо иҟалоит жәабран 25 инаркны (ашьақар змоуи измами). 1985 шықәса рзы ицәырҵит Coca-Cola аца агьама аманы.

Аилахәыра аалыҵ ҿыц аҭыжьра аламҭалаз афокус-гәыԥ аҿы ирыднагалон амалина, аимбир, алимон уҳәа ргьама змаз арыжәтә хкқәа.

Ахархәаҩцәа иалырхит аванили апатырқали ргьама змоу Coca-Cola.